Азҵаара рыҭара



Харҭәаашьа змам ацәыӡ ду

Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аекологиеи, ауаҩи аԥсабареи ршәарҭадара жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, К. Е. Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мензбировтәи аорнитологиатә еилазаара алахәыла, апрофессор Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи гәалсра дула ирыдышшылоит Виқтор Илиа-иԥа иҭаацәеи, иуацәеи, иҭынхацәеи.

Виқтор Маланӡиа 1989 шықәса инаркны ААУ аҟны аус иуан, иныҟәигахьан еиуеиԥшым амаҵурақәа: аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы, ассистент, арҵаҩы, аботаникеи азоологиеи ркафедра адоцент, абиологиа-географиатә факультет адекан; 2002 шықәса инаркны аҵараус апроректорс дыҟан, анаҩс аҵараиурҭа актәи апроректорс. Иаамсҭашәаз, иқьиаз, ламысла зус иазнеиуаз аҵарауаҩ имчи, илшареи, иԥышәеи зегьы ҳаԥсуа ҭҵаарадырреи ҳмилаҭтә университети ирзикит.

Иуадаҩуп Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа ииасхьоу аамҭала ихцәажәара. Аамсҭашәара ду злаз аҵарауаҩ иусура еснагь ҭакԥхықәрала дазнеиуан, иколлегацәа рганахьала иааирԥшуан аҳаҭырқәҵара. Аҵарауаҩ иаамҭамкәа иԥсҭазаара иалҵра – цәыӡ дуӡӡоуп иҭаацәеи, ауниверситети, ҳмилаҭтә ҭҵаарадыреи, ҳажәлари зегьы рзы.

Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа игәалашәара лаша аус ицызуази дыздыруази ргәаҵаҿы наунагӡа иаанхоит.