Азҵаара рыҭара



АРШАҲАҬГАҚӘА РНАПАҾЫ ИРЫҬАН

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит сынтәа аҧышәеизырҳара акурсқәа ирхысыз арҵаҩцәа аршаҳаҭгақәа рыҭара иазкыз аиҧылара.  

Иазгәаҭатәуп, аԥышәеизырҳаразы акурсқәа шеиҿкааз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаԥҵоу аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи ирызку Ареспубликатә центр абзоурала, Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра алархәны. 

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа, апедагогикатә факультет адекан Лиудмила Бениа, ақ. Аҟәа, иара убасгьы Гагреи Аҟәеи араионқәа рышколқәа, алицеи-интернатқәа рырҵаҩцәа, аметодистцәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаԥҵоу аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи ирызку Ареспубликатә центр аиҳабы Медеиа Ченгелиа лықәгылараҟны иазгәалҭеит:

«Ҩымчыбжь имҩаԥысуаз ашьақәыргыларатә сессиа иалагӡаны шәара шәырхысит алекциақәа, атренингқәа, аиҿцәажәарақәа, ишәзымҩаԥыргеит аҟаза икласс. Анаҩс ҩтәыс ишәыман арефератқәа, дара хазы ахәшьара роуит. Акурсқәа ирхысыз, арефератқәагьы зыхьчаз, иахьа ишәанаҳшьоит аршаҳаҭгақәа. Сгәы иаанагоит, араҟа ишәырҳаз аԥышәа шәҵаҩцәа рҟынӡа анагашьа шәақәшәоит ҳәа».

ААУ апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы Алықьса Касланӡиа арҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит ихдыркәшаз акурсқәа:

«Иҭабуп идууӡан ҳәа шәасҳәоит шәхы пату ақәҵаны, аҵараиурҭеи, шәмаҭәари пату рықәҵаны шәус шәахьазнеиз. Шәаԥхьаҟагьы ишәзеиӷьасшьоит  аманшәалареи ақәҿиарақәеи», - иҳәеит иара.  

Аусмҩаҧгатә иалахәыз идырбан акурсқәа реихшьаалара иазкны ажурналист, ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы Алхас Чхамалиа иазирхиаз адырраҭара.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы аԥышәеизырҳара акурсқәа ирхысыз арҵаҩцәа зегьы Аршаҳаҭгақәа рнапаҿы ирыҭан.