Азҵаара рыҭара



АҬОУРЫХТӘ ФАКУЛЬТЕТ АҞНЫ ИМҨАҦЫСИТ ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИАҾЫ ИҬАХАЗ РГӘАЛАШӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет аҟны имҩаԥысит Лаҭатәи атрагедиаҿы иҭахаз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз. Аусмҩаԥгатә аартуа аҭоурыхтә факультет адекан, адоцент Алик Габелиа астудентцәа рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит: 

«Аԥсны аҭоурых аҟны ари ахҭыс хлымӡаах еиҳау хьаа ыҟам, аверталиот иҭаблит акгьы зхарамыз аҭынч уааҧсыра, ахҵәацәа: урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан анацәа, 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәазтәымыз аҳәса. Урҭ ргәалашәа лаша еснагь иҳацзаауеит. Иахьатәи аҭынч ԥсҭазаараҿы астудентцәа ишәуалуп урҭ ргәалашәара адагьы, ибзианы аҵара. Зыԥсҭазаара ҿахҵәаз ҳуааԥсыра зхьымӡаз шәара инашәыгӡароуп. Ари ахҭыс хлымӡаах адунеи ауаажәларра рҟынӡа анагаразы адырра бзиақәа шәымазароуп. Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп 94-ҩык ҳара ҳуниверситет арҵаҩцәеи астудентцәеи. Урҭ хацәнамырха изеибашьуаз рҭоурых агәыбылреи, рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабареи рзоуп».

Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Илона Агрба лықәгылараҿы илҳәеит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаараҿы аҿар рхы ақәгәамҵра шиашам, иагьа мыҟәмабара иақәшәаргьы ргәы карыжьыр шыҟамло.

«Еснагь ишәгәалашәыршәала шәара шәықәра зықәраны аибашьра хлымӡаах иаҿагылаз  шәашьцәа, убасҟан еилышәкаауеит иуадаҩуи ԥсыхәа змами ҳәа акагьы шыҟам», - иазгәалҭеит лара.

Ари амш хлымӡаах агәаларшәара аҽны астудентцәа иаздырхиеит Лаҭатәи атрагедиа иазкыз ажәахәқәа. Ҷыдала иазааҭгылеит авертолиот аҟны иҭахаз ААУ аҭоурыхтә факультет арҵаҩы Владимир Анцупов иԥсҭазаареи ирҽиаратә мҩеи. Иара убас астудентцәа Лаҭатәи атрагедиа иазкны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.