Азҵаара рыҭара



"ВАИНАХТЕН" АУНИВЕРСИТЕТ АҞНЫ

ААУ афилологиатә факультет, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа ркафедра иатәу анемец бызшәа ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа еиҿыркааит илахҿыху аныҳәатә программа. Уи азкын декабр 25 рзы акатоликцәа иазгәарҭо Қьырса аныҳәа амш.

Астудентцәа иаздырхиеит авикторинақәа, немец бызшәала асценкақәа, ирыԥхьеит аоригинал абызшәала иеицырдыруа анемец классикцәа ражәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, иара убас анемец композиторцәа раԥҵамҭа шьахәқәа аскрипка аҟны иадырҳәеит.

Иԥшьоу амш лаша аҳаҭыраз астудентцәа иаздырхиеит иара убасгьы анемец чысхкқәа рыла еиҿкааз аџьармыкьа. Иазгәаҭатәуп, анемец жәлар рҟны "Ваинахтен" зыхьӡу Қьырса аныҳәа есышықәса ҳҵараиурҭаҟны аҳәаанырцәтәи абызшәақәа ркафедра иатәу анемец бызшәа ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәа ишеиҿыркаауа.