Азҵаара рыҭара



АҦСУА-АДЫГА ЕИМАДАРАҚӘА РЫҼДЫРҬБААУЕИТ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит ҳазҭоу ашықәс сентиабр 22 рзы  аҵараиурҭаҿы иаартыз В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аусура иазкыз аиԥылара. 

Афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Баҭал Хагәышь иажәақәа рыла, Ацентр аартра, зегь раԥхьаӡа иргыланы, хықәкы хадас иамоу аԥсуа-адыга жәларқәа реизааигәатәра ауп. 

«Иаҳҭахуп аԥсуа-адыга жәларқәа зегьы еидгыларц, убри ахықәкы анагӡараҟны аҵарауаа имаҷымкәа аџьабаа рбахьеит. Ҳара иҳаман атерминологиа "аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ" ҳәа, аха иахьа абызшәадырраҟны уи атермин зынӡа идыркьаҿуа иалагеит, бжеиҳан рхы иадырхәаӡом. Уи ахаҭыҧан ирҳәо иалагеит "адыга-аҟабарда (черқьес) бызшәатә гәыҧ". Ажәытәи аҿатәи реиԥшьра, реиԥыгалара аус даара хшыҩзышьҭра аҭатәуп. Абызшәадырратә еимадарақәа рырҭаабаразы ҳҵараиурҭа ахаҭарнакцәа рхы рыладырхәуеит еиуеиԥшым аконференциақәеи аиԥыларақәеи», - иҳәеит Б.Хагәышь.

В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб иқәгылараҟны иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Ацентр аартра ахьалиршаз азы. 

Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, Нхыҵ-Кавказтәи аҿари аԥсуа ҿари реимадарақәа ырҭбаалатәуп, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иҵегьы аигәныҩра рыбжьалартә иҟаҵатәуп.

Ахра Анқәаб иқәгылараҟны дазааҭгылеит, хымз ирылагӡаны Ацентр имҩаҧнагаз аусура аихшьаала, иазгәеиҭеит ҧхьаҟатәи апланқәагьы.

Ацентр аиҳабы иажәахә аҿы иҳәеит, ААУ аусзуҩцәеи астудентцәеи изныкымкәа Нхыҵ-Кавказ атәылақәа ишырҭаахьоу, рхы шрыладырхәхьоу аԥсуа-адыга тематика иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа, аконференциақәа. Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсуа-адыга филологиа ацентр иашьашәалоу, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа – Ҟабарда-Балҟариа, Ҟарачы-Чеқьестәыла, Адыгеиа рҟны иҟоу аиҿкаарақәа рҿы аимадарақәа рышьақәыргыларазы хықәкыла уахь ишцахьоу, насгьы аусеицуразы аԥкаанҵақәа рнапы шрыҵарыҩхьоу.  

Ахра Анқәаб иазгәеиҭеит, аԥсуа делегациа Нхыҵ-Кавказтәи атәылақәа рахь рныҟәарақәа инарҷыдангьы ишхацырку наҟ-ааҟтәи аиҭанеиааирақәа. Убас, декабр 9 рзы, В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аҟны имҩаԥган Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны инхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә хеидкыла «Абаза» ахантәаҩы Армида Чагәеи Ставрополь ақалақь аҟны иаԥҵоу акультуратә центр «Абаза» ахантәаҩы, еицырдыруа аҵарауаҩ Владимир Ҟәырчеи зхадараҿы иҟаз аделегациа рԥылара. Урҭ ирыцны арахь имҩахыҵит Ставрополь иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо абаза ҿар.

Абасала, аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аԥсуа-адыга филологиа ацентр имҩаԥнагаз аусқәа маҷым, аԥхьаҟа уи анапхгареи аусзуҩцәеи рҿаԥхьа ишьҭоуп аҭакԥхықәра маҷымкәа изцу аусқәа.