Азҵаара рыҭара



АЛЕКО ГӘАРАМИА МУШЬНИ ЛАШӘРИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Аҧсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа!
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала, хаҭала иара саргьы гәык-ҧсыкала иудысныҳәалоит 85 шықәса ухыҵра. Ажәытә ҳабацәа ишырҳәалоз еиҧш, аҧсуа изы ари қәра дуум – абыржәоуп уӷәӷәамҭа уанҭагылоу. Аха, ҳәара аҭахым, акыр иуадаҩуп, ганрацәала еиларсуп уара унысымҩа: акаршәрақәа зегьы урхысны, бахәи-ҿаҩеи урҿысны, хреи-каҵәареи урхыҵны, аҧхӡы ныҧхьаҳәо, иреиҳау аҳаракырақәа рахь ухалеит.

Аҧсни уи анҭыҵи бзиа еицырдыруа, адоуҳатә культура арҿиараҿы злагала хәы амам, Дырмит Дуи ақәрахьымӡа Иуеи рцәаҩа мырӡуа, Баграт иажәа ссир еихазҳаз, упоезиа – цәқәырҧаӷьырам, шьҭа иӡиасуп, имшынуп. Уара урҿиамҭақәа рҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылоит уҧсадгьыли ужәлари рахь иумоу абзиабара, урҭ рҭоурых, рлахьынҵа; ауаҩи аҧсабареи, аматериалтә дунеии адоуҳаи; аҧсҭазаареи аҧсреи; ацәгьеи абзиеи ирызку афилософиатә хәыцрақәа, абзиабара уҳәа. Аҧхьаҩцәа ргәаҵа иҭымҵәо, адунеихаангьы ҧсра-ӡра зқәым доуҳатә баҟақәаны иаанхоит иажәеинраалоу уроман «Аџьынџь», апоемақәа «Ажәа», «Ахьтәы уасцәа», «Ашаеҵәа» уҳәа убас егьырҭгьы.

Уара урҿиара анаҩс уеицырдыруеит абаҩхатәра ду злоу еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсышәала иурцәажәахьеит Александр Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгений Онегин», Михаил Лермонтов иҩымҭа «Мцыри», Шоҭа Русҭавели иепикатә поема «Абжьас-цәа зшәу», Генри Лонгфелло ипоема «Гаиавата изы ашәа», иара убасгьы егьырҭ аҳәаанырцәтәи апоетцәа рҩымҭақәа жәпакы. Авторс урымоуп Аҧшьаҩыра «Ауасиаҭ ҿыц», «Аҧсалҭыр» аҧсшәахь реиҭагақәа.

Уара шықәсырацәала аус уухьеит еиуеиҧшым амаҵураҭыҧқәа рҿы, иахьа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша напхгара ауҭоит, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа уахантәаҩуп. Арҿиараҿы уџьабааи улшамҭақәеи азгәарҭахьеит, ҳажәлар реиԥш, аҳәынҭқарра анапхгарагьы. Аҧсни Урыстәылеи иуанаршьахьеит еиуеиҧшым аҳаҭыртә хьыӡқәеи аҳамҭақәеи. Аҧсны жәлар рпоет, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи, иара убасгьы Урыстәыла иҳаракӡоу аҳамҭақәа – Апатриарх литературатә премиеи В.В. Кожинов ихьӡ зху апремиа «Ахьтәы Дельвиги» рлауреат – ирацәоуп араҟа еиқәуҧхьаӡаша. Аха убарҭ зегьы инарҷыданы иалыскаарц сҭахуп даҽакгьы. Уара аамҭақәак рзы иреиҳау ҳмилаҭтә ҵараиурҭаҿы аиҭагара атеориазы алекциақәа ркурс уаҧхьон, иахьа Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы аспирантура иахысуа ҳаушьҭымҭацәа улаҧш рхуп, напхгара руҭоит. Убарҭқәа ҳасаб рзуны ауп ҳазҭысыз ашықәс анҵәамҭазы ҳҵараиурҭа Аҵарауаа Рхеилак аӡбарала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ шухҵазгьы. Аринахысгьы ҳҵараиурҭаҿы еснагь гәаартыла ҳаузыҧшуп, уи, зегь раҧхьа иргыланы, ҳҿар рааӡараҿы акраҵанакуеит.

Уиубилеи удныҳәалауа, ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа, иузеиӷьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, арҿиаратә гәаҳәара! Шьардаамҭа Аҧсынреи аҧсуа жәлари урыгымзааит!

Ҳаҭырла,

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет
аректор, академик А. А. ГӘАРАМИА
Аҟәа, ианвар 16, 2023 ш.