Азҵаара рыҭара



Ашәҟә ҿыц

Иҭыҵит ашәҟәы "Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет - 90 шықәса", аҵараиурҭа аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша иазнархиаз (урыс бызшәала).Аиқәыршәаҩ, аҭакзыҧхықәу аредактор Алхас Чхамалиа.

Ашәҟәы аннотациаҿы ҳаҧхьоит: "2022 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иахыҵит 90 шықәса. Ари арыцхә иазкыз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәылеи рҵараиурҭақәа рҟынтә 25 делегациа. Иара убасгьы ауниверситет анапхгара рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәеи ателеграммақәеи аарышьҭит хыҧхьаӡара рацәала аҵарауаа. Урҭ рыхәҭак кьыҧхьуп ашәҟәаҿы. Аҭыжьымҭа азкуп аҵараиурҭа аиубилеи азгәаҭара".Ашәҟәы кьыҧхьуп ауниверситет атипографиаҿы.