Азҵаара рыҭара



АЦЕНТР АХАҬАРНАКЦӘА - ҞАРАЧЫ-ЧЕРҚЬЕСТӘЫЛА

Март 6 рзы Ҟарачы-Черқьестәыла, аул Ҟара-Ҧагәа иаҧҵоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху арҵаратә Центр аҟны имҩаҧысит Аҧсны раҧхьатәи ахада В.Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылҧаз. Уи иалахәын Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет В. П. Анқәаб ихьӡ зху Аҧсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы А. Анқәаб, ацентр алаборант М. Палба, афилологиатә факультет астудентцәа К. Кархалаа, Е. Чхеиӡе, С. Агрба, С. Дгебуаӡе.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ахьӡала ахәылҧаз аҟны дықәгылеит А. Анқәаб. Уи дазааҭгылеит В.Г. Арӡынба ихаҭара, Аҧсны аҭоурых аҟны уи иааникыло аҭыҧ. Афилологиатә факультет астудентцәа ракәзар, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа.

Аиҧылара далахәын еицырдыруа абаза ҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы С. Пазов.

Аҧсуа делегациа алахәын иара убасгьы март 7 рзы Ҟарачы-Черқьестәылатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысыз абаза поетесса, абаза филологиа акафедра адоцент Е.Шхаи лиубилеи иазкыз арҿиаратә хәылҧазы.

Аделегациа анапхгаҩы А. Анқәаб Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А. Гәарамиа ихьӡала аиубилиар илыдиныҳәалеит, иланеишьеит аҳамҭақәа. Астудентцәа рыҧхьеит апоет лажәеинраалақәа.