Азҵаара рыҭара



АЛЕКО ГӘАРАМИА БАҬАЛ ЧЕЖЬИА ИҚӘҾИАРАҚӘА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Март 16 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа дидикылеит мышқәак раҧхьа Москва имҩаҧысуаз аиндаҭлараҿы аиааира згаз, абокс азы Урыстәыла иачемпионхаз Баҭал Чежьиа. 

Аректор аспортсмен қәыҧш иқәҿиарақәа идныҳәалауа аҳамҭақәа ианеишьеит, изеиӷьишьеит аҧхьаҟагьы ақәҿиарақәа. Баҭал Чежьиа иакәзар, ауниверситет аректор иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иганахьала иааирҧшуа адгылареи азҿлымҳареи рзы. 

Аиҧылара иалахәын иара убасгьы Аҧсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахантәаҩы Альберт Қарди-оглы, ауниверситет апроректорцәа.