Азҵаара рыҭара



АПОЕЗИА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АМШ АЗГӘАРҬЕИТ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәарҭеит апоезиа Адунеизегьтәи Амш. Сынтәа ари аусмҩаԥгатә еиҿкаауп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 90 шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аныҳәа амҩаԥгара иалахәын В. П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аҟны иаԥҵоу алитература-рҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» алахәылацәа-астудентцәа.
 
Ахәылԥаз аартуа, афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Баҭал Хагәышь еизаз зегьы апоезиа Амш рыдиныҳәалеит. Иазгәеиҭеит, апоезиа ҽнак мацара азааҭгылара акәымкәа, есыҽны ауаҩы ишьа-ида иалоу, зыда ԥсыхәа имам акакәны иҟазар шақәнагоу. Насгьы ихымԥадатәиу акакәны дахцәажәеит, ари амш аҽны апоезиатә ҳәаақәа рырҭбааразы ААУ ааӡамҭацәа, аҩра знапы алакәу аҿар, рҩымҭа ҿыцқәа рцәыргара шаҭаху.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараҟны дазааҭгылеит, аԥсуа литературеи апериодикатә кьыԥхьи рышьақәгылареи рыҿиареи рҭоурых, иҳәеит иахьатәи аҭагылазаашьа. Убри аан Вахтанг Аԥҳазоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩи ҳаԥсуа интеллигенциа рхаҭарнацәеи зааӡахьоу, адыррақәа ираҳҭынроу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа рџьабаа: «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа шәоуп знапы иану ҳҿар. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәымчи, шәылшеи, шәдырреи еиҵагыло абиԥарақәа иахьрымажәдо азы», - иҳәеит иара.

В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаб дахцәажәеит, апоезиа иазааԥсо аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи алитератураҭҵааҩцәеи рлагалеи рылшамҭақәеи.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган аԥсуа сахьаркыратә литература аклассикцәа  Қьаазым Агәмааи Никәала Ҳашыги ҿыц иҭыжьу рышәҟәқәа.

Апоезиа Адунеизегьтәи Амш инамаданы  ахәылԥаз иалахәыз ашәҟәыҩҩцәа рыԥхьеит рхатәы жәеинраалақәа реиԥш, апородиақәагьы.  Иара убасгьы ажәеинраалақәа рыԥхьарала ишьақәгылан ААУ астудентцәа, аилазаара «Ацәыкәбар» алахәылацәа рыпрограммагьы.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҟарачы-Черқьестәыла Жәлар рпоет Лариса Шыбзыхәа, апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоетессацәа Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, апоет, ажурналист, аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы, ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша анапхгаҩы – агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада Алхас Чхамалиа.

Апоезиа аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахьӡала афилологиатә факультет ҳамҭас иаҭан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыжьыз, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа жәпаҩык рышәҟәқәа.