Азҵаара рыҭара



ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНФЕРЕНЦИА АУСУРА ХАЦНАРКИТ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аусура хацнаркит еицырдыруа аԥсуа поет, аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадырракәа ркандидат, адоцент Владимир Анқәаб диижьҭеи 95 шықәса аҵреи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵреи ирызку «Ахатәы бызшәа, алитература, афольклор: иахьатәи аамҭеи аԥеиԥши» ҳәа
хьӡыс измоу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Аконференциа аусурахь ииасаанӡа еизаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит аҵарауаҩ Владимир Анқәаб.

ААУ анапхгареи, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала аусмҩаԥгатә алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит аҭҵаараус апроректор Џьульетта Адлеиба. Уи аусмҩаԥгатә зҽалазырхәырц Нхыҵ-Кавказынтәи иааз асасцәа рахь лхы нарханы иазгәалҭеит: 

«Шәаргьы ҳаргьы жәларкык ҳауп, аҭҵаарадырраҿы ҳаҩ-жәларык  гәҭыхас иҳамоу, иаҳзеиԥшу азҵаарақәа реицыӡбаразы иахьа иаҳзааз зегьы ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи ақәҿиарақәеи».

Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаб, Анқәабаа аижәлантәқәа рыхьӡала иҭабуп ҳәа  ахиҳәааит иахьатәи аконференциа аиҿкаареи Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аартреи зыбзоуроу ААУ аректор Алеко Гәарамиа иҟаиҵо адгылареи ацхыраареи рзы.

Х.М.Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аамҭала аректор инапынҵақәа назыгӡо, апроректор Мураҭ Гукепшоков  ихьӡала ААУ аректор Алеко Гәарамиа иахь иаашьҭу адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Ҟабарда-Балҟариатәи аҳәынҭқарратә университет адоцент Мадина Езаова.

Аусмҩаԥгатә иалахәыз Гәдоуҭатәи араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Адымыр Ҳаразиа Гәҭоуҭа араион иқәынхо ажәлар рыхьӡала еизаз ирзеиӷьишьеит қәҿиарала аусуреи аҭҵаарадырратә еизҳареи.

Апленартә еилатәараҟны иқәгыланы ажәахәқәа ҟазҵаз аҵарауаа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, Ҟарачы-Черқьестәылатәи аҳәынҭқаррратә университет апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Сергеи Пазови, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуеи, ААУ ажурналистика акафедра апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Екатерина Бебиеи, Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаби, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа  рдоктор, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет апрофесор Багироков Хазреҭи инарҭбааны иахцәажәеит Владимир Анқәаб  ирҽиаратәи, ирҵаҩратәи усура. Убри аан иазгәарҭеит аҵарауаҩ ду, апатриот Владимир Анқәаб ихатә ҿырԥштәалеи ирҿиаралеи аҿар шиааӡоз атәы.

Иара убас Владимир Анқәаб игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны исахьаркны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит аҵарауаҩ дзылгаз Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟынтәи иааз аҵаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥсуа бызшәа дзырҵо Владимр Анқәаб иԥҳа Гәында Анқәаб иҭабуп ҳәа ралҳәеит аконференциа еиҿызкаази зхы алазырхәызи зегьы: 

«Асеиԥш аԥсшәа зҳәо ахәыҷқәа ахьынӡаҳамоу ҳбызшәа шмыӡуа агәра згоит», - лҳәеит лара.

Апленартә еилатәара ашьҭахь аконференциа аусура иацҵан ҩ-секциак рыла.

Аусмҩаҧгатә хыркәшахоит март 24 рзы. Афорум аҳәаақәа ирҭагаӡаны иазыҧхьагәаҭоуп «Бзиа избоит сара Аԥсны» зыхьӡу аԥхьаҩцәа рконкурс, имҩаҧгахоит иара убасгьы аедыгьа поетесса Саниаҭ Ӡыбова лырҿиаратә хәылҧазы.