Азҵаара рыҭара



АЕДЫГЬ ПОЕТЕССА ЛЫРҾИАРАТӘ ХӘЫЛҦАЗЫ

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны март 23 рзы ихацыркыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадыра-практикатә конференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филолологиа ацентр аҟны имҩаԥысит алитература-рҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» алахәылацәеи абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа аедыгь поетесса Саниаҭ Ӡыбеи (Ӡыбовеи) реиԥылара. 

Алитература-рҿиаратә хәылԥазы ихы алаирхәыит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

ААУ астудентцәа рыҧхьеит хаҭала аԥсшәахь еиҭаргаз апоетесса Саниаҭ Ӡыба лажәеинраалақәа. 

Апоетесса иҭабуп ҳәа ралҳәеит аҵараиурҭа анапхгара, ҷыдала аиԥылара аиҿкааҩ, Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб.
 
Аиԥылара рхы аладырхәит иара убасгьы Адыгьеиатәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа - жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа алахәылацәа.