Азҵаара рыҭара



Аҧсуа телехәаҧшра 40 шықәса ахыҵит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә
телерадиоеилахәыра аиҳабы
Агрба И. Шь.

Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа! Акыр иаԥсоу Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив, аԥсуа тележурналистика аветеранцәа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра. Ари Аԥсны жәлар зегьы рзы акрызҵазкуа рыцхәуп.

Ноиабр 6, 1978 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аԥсышәала аефир ахь ицәырҵит ҳара ҳжурналистцәа.

Иазгәаҭатәуп, Аԥсуа телехәаԥшра аиреи, уи инашьҭарххны, 1979 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аартреи зыбзоурахаз ҳажәлари ҳинтеллигенциеи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рықәԥара шәакәу. Урҭ 1977 шықәсазы Москваҟа идәықәырҵаз еицырдыруа ашәҟәы иаанартит адаҟьа ҿыц.

45 шықәса ирылагӡаны Аԥсуа телехәаԥшра акыр иуадаҩыз аҿиарамҩа аетапқәа ирхысит. Уи аусзуҩцәа рзы иԥышәараз аамҭақәаны иҟалеит 1989-тәи, 1992-1993-тәи ашықәсқәа, иара убасгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи аблокада аамҭа уҳәа.

Аԥсуа телехәаԥшра ацәырҵра, аефир ала ҳажәлар зхәаԥшуаз, ирбоз ажәабжьқәа, ргәы шьҭырхуан, ргәы азҭарҵон. Есҽны рыбла ҭраа иазыԥшын, иара ыҟан ҳажәлар ирҿахәҳәаганы.
Аԥсуа телехәаԥшреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети еидызкыло маҷым – 1995 шықәса раахыс ҳҵараиурҭаҿы иаартуп ажурналистика акафедра. Уи иоунажьхьеит хыԥхьаӡара рацәала азанааҭ азҟазацәа. Урҭ реиҳараҩык иахьа аус руеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы.

Иҳаҩсхьоу ашықәсқәеи иахьеи еиҿурԥшуазар, Аԥсуа телехәаԥшра аусура, ҳәарада, акыр ԥхьаҟа ицеит, еиҳа иҭышәынтәалеит, аҽарҭбааит аефиртә аамҭа, аҿиара аиуит атехникатә базагьы. Уаҩы игәы иамыхәарц залшом, ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, Аԥсуа телехәаԥшра иахьамоу ахатә саит, аинтернет ахархәарала еиуеиԥшым асоциалтә ҳақәа рҟны адаҟьақәа ахьуԥыло. Сгәы иаанагоит, абри аганахьала иҵегьы аҿиара аиуп ҳәа аԥхьаҟагьы. Аха зегьы ирыцку, Аԥсуа телехәаԥшра ахықәкы хадақәа ируаку – аобиективра злоу, аинформациа иаша ҳауаажәлар рызнагара ауп. Абри аус аҿы еснагь иаҭахуп аҳәынҭқарратә хәыцшьа, аҳәынҭқарратә знеишьа. Даара ҳақәгәыӷуеит, Аԥсуа телехәаԥшра аханатә аахыс иамаз атрадициа бзиақәа, ахьӡ-аԥша, аҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкы хадақәа иҵегьы еихаҳаны ԥхьаҟа иргап, идырҿиап ҳәа иахьа ателехәаԥшра иахагылоу, уи аусзуҩцәа, еиҵагылаз ҳаԥсуа журналистцәа ҿарацәа.

Хашҭра рықәымзааит зыԥсҭазаара иалҵхьоу Аԥсуа телехәаԥшра ашьақәгылареи уи аусуреи зџьа адыз зегьы! Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Акыр иаԥсоу Аԥсуа телерадиоеилахәыра анапхгара, ажурналистцәа, арежиссиорцәа, аоператорцәа, анџьныр техникцәа, ателехәаԥшра аветеранцәа! Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра. Зегьы ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, ажәабжь бзиақәа!

Ҳаҭырла,

Аректор ГӘАРАМИА А. А.
06.11.2023 ш.