Азҵаара рыҭара



Адныҳәалара

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, афилологиатә факультет апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи ииубилеи идырныҳәалоит аԥсуа ҵарауаҩ, акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны аус зуаз, аԥсуа литература акафедраҿы алекциақәа ирыԥхьоз, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ԥасатәи аиҳабы, Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Уасил Шамониа-иԥа Аҩӡба. Ҳаҭыр зқәу Уасил Шамониа-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 65 шықәса шәхыҵра. Шәара шәреиуоуп аԥсуаҭҵаара шықәсырацәала аџьабаа азызбоз, иахьагьы иазызбо, ҳҵараиурҭаҿы амилаҭтә кадрқәа реиҵааӡара аус аҟны злагала маҷым аԥсуа рҵаҩцәа, аҵарауаа. Шәиубилеи шәыдныҳәалауа ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит!