Азҵаара рыҭара



Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа алкаахеит

Даӷьсҭан Жәлар рышәҟәыҩҩы Расул Гамзатов ииубилеи инадҳәаланы Р. Г. Гамзатов ихьӡ зху Даӷьсҭантәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә университет аҟны имҩаԥысуаз алитературатә конкурс аҟны иалкаахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа. Аконкурс III аҭыԥ адиплом ланаршьеит афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ астудент Адриана Степаненко. Аконкурс лыҵшәабзиала аҽалархәразы асертификат - афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ 5 акурс астудент Илона Аҩӡԥҳа. Аконкурс мҩаԥысуан аҿар Расул Гамзатов иҩымҭақәа рдырразы рыҩаӡара ҳасаб азуны. Дара ирҩыр акәын ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ирыдҳәаланы аессеқәа. ААУ астудентцәа аконкурс ралархәра алыршан В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентри Даӷьсҭантәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә университет афилологиатә факультети ааигәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны. Ҳуниверситет астудентцәа аконкурс рхы аладырхәит онлаин аформат ала. Р. Г. Гамзатов ихьӡ зху Даӷьсҭантәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә университет аректор Нариман Асваров ихьӡала астудентцәеи рнапхгаҩи, ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра арҵаҩы Асҭанда Бигәааԥҳаи иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.