Азҵаара рыҭара



Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵит

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысуеит аҵарауаҩ Валери Бигәаа 80 шықәса ихыҵреи, уи иҭҵаара-педагогикатә усура 50 шықәса ахыҵреи ирызку аҭҵаарадырратә конференциа.

Аиубилиар дидныҳәалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратж университет аректор, академик Алеко Гәарамиа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала, хаҭала иара саргьы сыхьӡала, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра. Аԥсуа иқәранҵыра иаҿырԥшны иугозар, ари арыцхә уамак ыҟам, аха иагьмаҷым. Уи иҭаӡоит епоха дуӡӡак.

Аԥсуа қыҭа Ҭхьына ииз, иааӡаз, Шәара, имариамызт шәыԥсҭазааратә мҩа. Ишыхәыҷыз заб дзыԥхаз, аха зеизҳараҿы ауадаҩрақәа зегьы ириааины, аҵара-лашарахь зымҩа ылызхыз шәреиуоуп. Аханатә ишьҭышәхыз ахықәкы – шәыжәлари шәыԥсадгьыли шәырҵеи иашаны, урҭ рзы шәхәарҭаны, шәҵоураны аҟазаара – хьаҳәхьачарак ацымкәа иаажәгоит иахьагьы. Уи ус шакәу шәырҵабыргхьеит, каламла мацара акәымкәа, абџьарлагьы – ҳтәыла ашәарҭара ду ианҭагыла, аџьынџь ахьчаразы хацәнымырха шәгылеит.

Шәара шәыруаӡәкуп шықәсырацәала арҵаҩреи аҭҵаара ауси еилазыгӡо ҳуниверситет аусзуҩцәа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа нагақәа. Авторс шәрымоуп аԥсуа ҭҵаарадырраҿы акрызҵазкуа, Аԥсны аҭоурыхи, аетнографиеи, аетнологиеи уҳәа ирызку аусумҭақәа жәпакы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акымкәа-ҩбамкәа хазы игоу амонографиақәеи, арҵага шәҟәқәеи, арҵага цхыраагӡақәеи. Убри аан, напхгаҩык иаҳасабала сазыгәдууп, аԥсуа ҭҵаарадырраҿы шәлагала азгәаҭаны, шәылшамҭақәа ҳасаб рзуны, ааигәа иахьалҳаршаз шәусумҭақәа реизга шәҟәқәа ҳуниверситет атипографиаҿы рҭыжьра. Сгәы иаанагоит, иахьа ҳарҭ зегь ҳаззааԥсо – уаҵәтәи ҳԥеиԥш, ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало – абиԥара ҿа рзы ари акрызҵазкуа усуп ҳәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳау ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аҧсны аҭҵаарадырра Зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу, Шәара – иахьа шәиубилеи шәаԥылоит аԥсҭазаара ишәзаанагаз ахьанҭара шәҽаҵамырхакәа, шәҭаацәара ԥшӡа, шәхы-шәыхшара, шәмаҭацәа, шәҩызцәа, шәколлегацәа рыгәҭаны шәыӷәӷәаҟацаӡа, шәкалам шышәкыц икны.

Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара ҳаракы, арҿиаратә гәаҳәара, аԥсуа иқәранҵыра ду, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аманшәалареи ақәҿиарақәеи. Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит! Аԥсынреи аԥсуа жәлари шәрыгымзааит!

Ҳаҭырла,

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет

аректор, академик ГӘАРАМИА А. А.

22.12.2023 ш.