Азҵаара рыҭара



Аб Дараҭ (Дбар) астудентцәа алекциа дырзаԥҳьеит

Декабр 21 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны имҩаԥысит аиҭагареи акультурабжьаратә еимадарақәеи рзанааҭ ала аҵара зҵо астудентцәа рԥышәеизырҳара иазкыз аусмҩаԥгатә.

Алекциа даԥхьеит Аԥсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахантәаҩы, архимандрит, ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент Аб Дараҭ (Дбар).

Астудентцәа инарҭбааны ирзеиҭаҳәан раԥхьатәи ақьырсиантә еиҭагамҭақәа равторцәа рылшамҭақәа, ажәытә бызшәақәа рхархәареи, иара убас ҿыц иалагалоу ажәақәа рҵаки, насгьы аетимологиатә жәар аҟамзаара иахҟьаны аиҭагараан ицәырҵуа ауадаҩрақәеи, афольклори, аетнологиеи, аетнографиеи, афилологиеи, адиндырреи, аиҭагараан иааныркыло аҭыԥи.

Иара убас Аб Дараҭ иазгәеиҭеит, аиҭагараан ишхадароу алатыни, аеллини, араб бызшәақәеи рдырра. Хра злоу акакәны дахцәажәеит аоригиалқәа критикала рыҭҵаареи аметодологиатә знеишьеи. Алекциаҟны Аб Дараҭ астудентцәа азхьаирԥшит аиҭагараан рхы иадырхәарц шақәанагоу ҳаамҭазтәи ажәарқәа инарҷыданы, ажәытә жәарқәагьы.

Аҵарауаҩ астудентцәа ирабжьеигеит иахьатәи ҳаамҭазы аҵара аус аҟны рхы иадырхәо аноутбукқәа ныҟәыргаларц шақәнагоу алекциақәа рахь. Убри аан Аб Дараҭ ҿырԥштәыс ирзааигеит 25 шықәса раахишьҭеи иҭҵаарадырратә ус аҟны ихы ишаирхәо иахьатәи аамҭа иақәшәо атехникатә хархәагақәа.

Адинҭҵаара адоктор Аб Дараҭ астудентцәа рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит:

«Аҿар, шәара шәоуп ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы иану, убри азын шәус ҭакԥхықәрала шәазнеироуп. Ахәҷы иниркны аду иҟынӡа зегьы рус ишақәнагоу ианазнеиуа ауп алҵшәа аныҟало».

Иазгәаҭатәуп, астудентцәа рдыррақәа реизырҳаразы афакультет аусзуҩцәа лассы-лассы ааԥхьара шрырҭо аиҭагара знапы алаку аԥышәа змоу аҵарауаа. Ари аус ԥхьаҟагьы ишацҵахо азгәалҭеит азгәалҭеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ, арҵаҩы Ҭамила Аршба.