Азҵаара рыҭара



Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа игәалашәара иазкыз аконференциа мҩаҧысит

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит ААУ актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аекологиеи, ауаҩи аԥсабареи ршәарҭадара жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, К. Е. Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мензбировтәи аорнитологиатә еилазаара алахәыла, апрофессор Виқтор Илиа-иԥа Маланӡиа игәалашәара иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Аконференциа аартуа ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа инарҭбааны дахцәажәеит Виқтор Маланӡиа ишколтә шықәсқәа раахижьҭеи ирҿиаратә мҩа, дырзааҭгылеит аҵарауаҩ 1988 шықәса инаркны ауниверситет аҟны дызнысыз иҭҵааратә мҩа. Аректор инаҵшьны иазгәеиҭеит, Виқтор Маланӡиа иԥсҭазаара иалҵра аҵараиурҭа аусзуҩцәа зегьы рзы ааха дуны ишыҟоу. ААУ аректор иқәгылараҟны иара убас иазгәеиҭеит, абиологиа-географиатә факультет аҟны еиҿкаау аҧсабара амузеи аҵарауаҩ, аорнитолог Виқтор Илиа-иԥа ихьӡ шахҵоу, насгьы ишаҧҵоу аҵара бзианы изҵо астуденцәа рзы аҵарауаҩ ихьӡ зху астипендиа, абарҭқәа рзы уи адҵа инапы шаҵеиҩыз.

Акыршықәса раахижьҭеи еиҩызцәаз, зыпрофесионалтә ус еицаҿыз, Виқтор Маланӡиа иҩыза, ААУ актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Роман Дбар иазгәеиҭеит, иахьагьы иҩыза бзиа иҟамзаара харҭәаашьа шамам, иажәақәеи иабжьгарақәеи шигу атәы.

Аконференциаҟны идырбан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша иазнархиаз, Виқтор Илиа-иԥа игәалашәара иазкыз авидеонҵамҭа кьаҿ.

Анаҩс аконференциаҟны иқәгыланы Виқтор Маланӡиа иҭҵаарақәеи иԥшаамҭақәеи аазырԥшуаз ажәахәқәа ҟарҵеит иколлегацәа.

Атемақәа раӷьырак зызкыз аорнитологиеи, аорнитофаунеи, аекологиеи, аексперименталтә биохимиеи рыҭҵаара акәын: абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Марина Гогәуа, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лариса Аҳәба, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Ефим Вольтер, абиологиа-географиатә факультет арҵаҩы еиҳабы Софиа Хачева, абиологиа-географиатә факультет арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиа, абиологиа-географиатә факультет арҵаҩы еиҳабы Розита Ҭаниа, абиологиа-географиатә факультет агеографиа акафедра арҵаҩы еиҳабы Алиса Смыр, абиологиа-географиатә факультет агеографиа акафедра арҵаҩы еиҳабы Кәарацхьелиа Хаҭуна, аекологиа ахырхарҭала аҵара зҵо актәи акурс амагистрцәа Марика Кәаталанӡиеи Алла Сеисиани.

Иазгәаҭатәуп, Виқтор Илиа-иԥа игәалашәара иазкыз аконференциа аҟны онлаинла ажәахәқәа шыҟарҵаз Шәачатәи амилаҭтә парк аҭҵаарадырразы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Туниеви Шәачатәи амилаҭтә парк аҭҵаарадырратә усзуҩы Пиотр Тильбеи.