Аҧсуа бызшәа аларҵәара арҭбааразы апроект ҿыц
Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иирамш инамаданы, лаҵарамза 12 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иара ихьӡ зху Аҧсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә фонд апроект ҿыц ӡырнагеит. Апроект хықәкы хадас иамоуп аҧсуа бызшәа атехнологиа ҿыцқәа рҿы аларҵәара арҭбаара.
Аиҧылара иалахәын афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь, афакультет апрофессора-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, Б. Шьынқәба ихьӡ зху Абызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә фонд анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убас афакультет астудентцәа.
"Иҧсабаратәым аинтеллект шьаҿа-шьаҿала адунеи шаанартуа аҭагылазаашьа ҳбоит. Ҳаргьы ҳбызшәа убри инақәыршәаны, ҳаҧсҭазаараҟны зегьынџьара иалаҵәо иҟаҳҵартә алшара ҳамоуп", — ҳәа аусмҩаҧгатә аартуа иазгәеиҭеит Аҧсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә фонд анапхгаҩы, Б. Шьынқәба имаҭа Леуан Миқаа.
Афонд аусзуҩцәа иӡырыргоз апроект ҿыц адҳәалоуп аплотформа Common Voice ахархәарала аҧсышәала абыжьҭаҩра амҩаҧгара. Уи аналыршахалак, еиуеиҧшым аинтернет аҿы иаҧҵоу бжьылатәи ацхыраагӡақәа аҧсышәала азҵаара рзықәургылар, аҧсышәала аҭак урҭартә аҭагылазаашьа аҧҵахоит.
Афонд имҩаҧнагараны иҟоу апроект инарҭбааны далацәажәеит уи аусзуҩы Леуан Лагәлаа, иара ицәажәара харҭәаан апрезентациа ала. Уи иазгәеиҭеит, аиҧш зеиҧшу апроектқәа аҧсуа бызшәа арҿиаразы шьаҿа дуны ишыҟало, уи иазаҧҵоу аҳәаақәа рымҽхак шарҭбаауа.
Аиҧылараҿы зыӡбахә ҳәаз апроект нагӡахарц азы иаҭахуп 8000-ҩык рҟынӡа ауааҧсыра рыбжьы аҭаҩра. Убри инамаданы Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҧсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә фонд аусзуҩцәа ааҧхьара ҟарҵеит апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, абыжьқәа рҭаҩразы астудентцәа ацхыраара рырҭарц.
Аиқәшәара хыркәшо, афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь иазгәеиҭеит, афилологиатә факультет ари еиҧш аус азҿлымҳара ду аҭаны ацхыраара шыҟанаҵо.
Поделиться: