Азҵаара рыҭара



ААУ аҟны Платон Бебиа иажәеинраалақәа раҧхьаразы аицлабра мҩаҧган

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ашәҟәыҩҩы Платон Бебиа 90 шықәса ихыҵра инамаданы имҩаҧысит иара иажәеинраалақәа раҧхьаразы аицлабра. Уи рхы аладырхәит афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь, ауниверситет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, афилологиатә факультет астудентцәа, ашколхәыҷқәа, ашәҟәыҩҩы игәакьацәа.

Аиҧылара аартуа уи аиҿкааҩ, апрофессор Екатерина Бебиа иазгәалҭеит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы реиҧш Платон Бебиа иҩымҭақәагьы аҿар акырӡа ишырзааигәоу, лара илҳәеит ари ахәылҧаз аиҿкааразы агәаҳәара аазырҧшыз ажурналистика аҟәша астудентцәа шракәу, анаҩс уи адгылара шарҭаз афилологиатә факультет адекани Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректори.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь дазааҭгылеит Платон Бебиа ирҿиара ахатә ҷыдарақәа шамоу, уи иҩымҭақәа аҧхьаҩцәа ишырзааигәоу, еиҵагылоу абиҧарақәагьы еихаҳаны ҧхьаҟа иргалар шхымҧадатәиу. Иара иҳәеит аиҧш зеиҧшу аицлабрақәа астудентцәеи раҧхьаӡакәны ауниверситет ахь имҩахыҵыз ашколхәыҷқәеи рзы ишьаҿа дуны ишыҟоу, асахьаркыратә ажәа азышәаҳәаҩцәа рырҿиара адырразы цхыраара шыруа.

Агәалашәаратә хәылҧазы шьақәгылан х-хәҭакны, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афилологиатә факультет астудентцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, апоезиа абзиабаҩцәеи иара убас, Кәтол, Дранда, Дәрыҧшь ақыҭақәа рышколқәа рҵаҩцәеи Платон Бебиа иажәеинраалақәа ирыҧхьон. Х-абиҧарак рыбжьара иазҧхьагәаҭан хҧа-хҧа аҧхьахәтә ҭыҧқәа, иреиӷьӡоу алҵшәақәа аазырҧшыз аҧхьаҩцәа шьақәыргылахон аӡбаҩцәа ралкаақәа рыла. Аӡбаҩцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан: аҧсуа литература акафедра адоцент Адгәыр Какоба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, иара убас, Кәтол ақыҭа ахада Алиас Голанӡиа.

Аиҧылара иалагӡаны ахәаҧшцәа идырбан Платон Бебиа идҳәалоу ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа лархив аҟынтәи авидеонҵамҭақәа.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Платон Бебиа иҧҳа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы еиҳабы Кама Бебиа ахәылҧаз еиҿызкааз иҭабуп ҳәа раҳәо уи зхы алазырхәыз зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит.

Ахәылҧаз хыркәшо алахәылацәа ирылаҳәан аицлабра алҵшәақәа. Уи инақәыршәаны астудентцәа рыбжьара аҧхьахәқәа ирыҧсахеит: ажурналистика аҟәша астудентцәа Мадина Амҷҧҳа, Милена Кәыҵниаҧҳа, Анжела Хведелиӡе, иара убас, алингвистика англыз бызшәа аҟәша астудентцәа Даниела Ҧачкориаҧҳаи Мадина Еныкьҧҳаи. Ашколхәыҷқәа рыбжьара аҧхьахәқәа ранашьан: Драндатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Нарҭ Ашәбеи Наала Акабеи, Кәтолтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Илиа Сақаниеи Амина Лукааҧҳаи, иара убас, Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ аҵаҩы Сандро Сақаниа. Аиҳабыратә абиҧара рахьтә иалкаахаз ҳәа рыхьӡ ҳәан аицлабра зхы алазырхәыз зегьы, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан: Уарчатәи абжьаратә школ арҵаҩы Валина Быҭәҧҳаи, ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи.

Аицлабраҿы иалкаахаз зегьы иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.