06.05.2026 ш. Лаҵарамза 5-6 рзы Ростовтәи аҳәынҭқарратә аекономикатә университет аҟны имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа иалахәуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиеи ажурналистикеи рфакультет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Гурам Амқәаби ажурналистика акафедра аспирант Асмаҭ Шьакаиеи онлаин аформат ала иалахәуп Ростовтәи аҳәынҭқарратә аекономикатә университет алингвистикеи ажурналистикеи рфакультет аҟны имҩаԥысуа VIII Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ажурналистика иахьатәи ҳаамҭазы». Уи азкуп Ростовтәи аҳәынҭқарратә аекономикатә университет алингвистикеи ажурналистикеи рфакультет 25 шықәса ахыҵра.
Аконференциа апленартә еилатәараҟны дықәгылауа, Гурам Амқәаб иазгәеиҭеит, аҩ-ҵараиурҭак рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьа бзиақәа аҳаҭыреиқәҵареи ҧхьатәи аусеицура аҧеиҧш аизырҳареи ишрызку. Ауниверситети афакультети рыпрофессорра-рҵаҩратә еилазаара ирзеиӷьишьеит аҭҵаарадырратә ҩаӡара аизҳареи аманшәалареи.
Аҭҵаарадырра-практикатә конференциа жәларбжьаратәи ажурналистика аҟәша аилатәараҿы ажәахә ҟалҵеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аспирант Асмаҭ Шьакаиа. Уи лтема азкын ҳаамҭазтәи аинформациатә еилазаараҟны Аҧсны аинформациатә еилахәырақәа русура аҷыдарақәа.

